Print this page
16.Мшаҧы.2024

2024 шықәса I аԥшьбаразы Аԥсны аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 120-ҩык инареиҳаны административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2024 шықәса I аԥшьбаразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәа    120-ҩык инареиҳаны ареспублика аҳәаахьчаратә Закәанԥҵара еилазгаз   ааныркылеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә еилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ  190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагареи»  ахәҭаҷ 1901 «Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагареи» ахәҭаҷ  1902  « Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟатәи амшынӡқәеи атерриториалтә мшыни рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагареи» рзы  иаанкылаз атәылауаа административтә ҭакԥхықәра иақәыршәахеит.

«Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра» ҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  324, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоурақәа рзы ашьаусеилыргарақәа 5 хацыркуп.

Иԥхьырҟәҟәаауп еиуеиԥшым азкызаара змоу атауарқәа аԥсны-қырҭтәылатәи аҳәаа изакәанымкәа рахгара азы 10 инареиҳаны   аҽазышәарақәа, ирымхуп 100 блок инареиҳаны аҭаҭын аалыҵқәа.  

Изакәаным аусура аиҿкаареи анагӡареи иалаху ауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны азинтә ҭакԥхықәра рақәыршәара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп. 

- Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 11:58