Print this page
31.Ажьырныҳәа.2023

СТАЛИНГРАДТӘИ АЖӘЫЛАРА АҾЫ АИААИРА АГАРА 80- ШЫҚӘСА АХЫҴРА ИАЗКУ АГӘАЛАШӘАРАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сталинградтәи ажәылара аҿы асовет еибашьцәа рыла анемец-фашистцәа рықәгара аналыршаха Амш 80-шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны,Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра жәабранмза  1 - 3 рзы имҩаԥысраны иҟоу аныҳәатә гәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа рыпрограмма еиқәнаршәеит.

Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи иалахуп В.Г. Арӡынба ихьӡ зхзу Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи. Убри аан адгылара ҟарҵоит Аԥсны иҟоу Урытәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи Аҟәа ақалақь Ахадареи.  

Акультуратә, арккаратә, апатриоттә акциақәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит «Афырхаҵара аурокқәа», В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-аԥша амузеи алархәны аҭоурыхтә квест, иара убас Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит.

Идырым Асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара иазку ацеремониа мҩаԥгахоит жәбранмза 2, асааҭ 10:00 рзы.

Аиубилеитә рыцхә азгәаҭаразы ааԥхьара рыҭоуп Аԥсны азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аԥсны иҟоу аурысцәа Реидгылара (КСОРС) ахаҭарнакцәа, Аҟәа ақалақь аҵараиурҭақәа, аҿартә еиҿкаарақәа.