Print this page
14.Нанҳәа.2023

Лаша Ашәба: «Хашҭра рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны зхы ақәызҵаз зегьы! Иахьа ҳара зегьы урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ихадароу уснагӡатәны иаҳзықәгылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылареи, арӷәӷәареи».

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

 

Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Аԥсны жәлар ҳтәыла ижьышо иақәлаз агрессор иҿагылеит, ибзиангьы ирдыруан хьаҵра шыҟамлоз, ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа рнапы ишаныз.

Аибашьра иаанагаз агәырҩа, ахьаа еиҳагьы еиднакылеит милаҭрацәала еилоу ҳреспублика ауааԥсыра зегьы, ари аидгыларала иагьалыршахеит ихьыԥшым рҳәынҭқарраҟны анхара-анҵыразы ирымаз азин ахьчара.

Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рыԥсы аҵкыс рыԥсадгьыл еиӷьашьаны, ирымаз зегь реиҳа хәы змаз – рыԥсҭазаара Рыԥсадгьыл ахақәиҭра иақәырҵеит. Аԥсны жәлар рхақәиҭратә қәԥараҟны иргаз Аиааира иахҭынҵоу рацәоуп.

Хашҭра рықәӡам ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны зхы ақәызҵаз зегьы! 

Иахьа ҳара зегьы урҭ ргәалашәара аҿаԥхьа ихадароу уснагӡатәны иаҳзықәгылоуп Аԥсуа ҳәынҭқарра аргылареи, арӷәӷәареи.».

 

 2023 шықәса, нанҳәамза 14

Аԥсны Жәлар Реизара–Апарламент Аиҳабы  Ашәба Л.

 

- Ашәахьа, 14 Нанҳәа 2023 11:43