Print this page
09.Абҵара.2023

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура: Азанҭа ақыҭан бџьарла еибыҭоу агәыԥ рзы аинформаци макьаназы акала ишьақәырӷәӷәам.

Аҟәа. Абҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура атәылахьчара Аминистрреи Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзуреи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыцырхырааны абҵарамза 8 – 9 рзы Гәылрыԥшь араион Азанҭа ақыҭа аиланхарҭа ҭыԥ азааигәара  бџьарла еибыҭоу агәыԥ ыҟазар ҟалоит ҳәа аоперативтә информациа аиҭагәаҭара иазкны аумҩаԥгатәқәа ркомплекс нарыгӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.  

Ахәҭакахьала, аҳәынҭқарратә ԥсҭазаареиҿкаара иадҳәалоу ихадоу аобектқәа ринфраструктура ахь узланеиуа амҩақәа аркын, ашәарҭадара ауснагӡатәқәа дырӷәӷәеит, иара убас аҭыԥ аҿы аԥшыхәра мҩаԥган. Имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа аихшьаалақәа рыла уи аԥхьа иҟалаз аинформациа макьаназы акала ишьақәырӷәӷәамхаӡеит.

- Ахәаша, 10 Абҵара 2023 11:04