АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Мшаҧы.2024

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара иаҿуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб напхгара зиҭо Ахылаԥшырҭа аҿы аԥхынтәи акурорттә сезон аҽазыҟаҵара шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амаҵзурақәа атуристцәа ахьаанкыло аобиектқәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа – абылрацәыхьчара, аевакуациатә еиқәыршәара, уҳәа разыхиара гәарҭоит.

Иара убас, аҭыԥантәи ахадарақәа рыцырхырааны амшынтәии аӡиастәии аплиажтә ҵакырақәа, аԥсшьарҭаҭыԥқәа рааигәа-сигәа иҟоу аӡиасқәа рӡышьҭрақәа ррыцқьара мҩаԥысуеит. Агәаҭарақәа ирхысуеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра арегионалтә ҟәшақәагьы, амедицинатәи аӡхәыҵаларатәи амаҵзурақәагьы.

Лев Кәыҵниа атәыла аԥыза-министр Аминистрра аҟәшеиҵақәа кадра реиқәыршәазаара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа атәы изеиҭеиҳәеит.

Алеқсандр Анқәаб Иҷыдоу аҭагылазаашьқәа рзы Аминистрра ахада акурорттә сезон азы ирӷәӷәоу аусура арежим ала аусура аҽазыҟаҵара азы анапынҵа ииҭеит.

- Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 18:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.