АЖӘАБЖЬҚӘА

04.Цәыббра.2024

Аҟәа ақалақь аҿы амилициа аусзуҩцәа иԥшааны ирымырхит 10 цырак амаининг-аппаратқәа.

Аҟәа. Цәыббрамза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи Русбарҭа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭстандарт аспециалистцәа рыцырхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны Аҟәа ақалақь аҿы ирыԥшааит амаининг-фермақәа ҩба.    

Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, актәи аус зуаз амаининг-ферма Лагәлаа имҩа  аргылара  2А  аҿы иҟоу аспорттә зал аҩныҵҟа ирыԥшааит. Аконфискациа азуп афымцацәаҳәақәа иаҿакыз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа быжьба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  Аобиект аԥшәма Казариан Анжела Валери-иԥҳа лганахьала административтә материал еиқәыршәоуп.

Аҩбатәи амаининг-ферма рыԥшааит Гәымсҭа Амассив, аҩны № 7,  Гәымсҭа Амассив амҩала. Административтә ҭакԥхықәра дақәыршәоуп аобиект аԥшәма – Саӡба Анри Беслан-иԥа. Уи иуада аҟынтәи идәылыргеит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа хԥа.

Аиқәыршәагақәа зегьы Аԥсны астандартқәеи ахархәаратә хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.