АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Лаҵара.2023

Ашәба Лаша Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алексеи Иосиф-иԥа! Акыр иаԥсоу аветеранцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 78 шықәса ахыҵра!

Абри аҟара шықәсарацәа шыҵхьоугьы, есышықәса Лаҵарамза 9 амш аҽны хьааи гәырҩеи ишәхышәгаз шырацәоугьы, гәырӷьарак, гәалаҟара ҷыдак ацуп ари амш.

Ишәыдгылаз шәҩызцәа, шәыуацәа, шәҭынхацәа аӡәырҩы абри ашықәс еиқәаҵәақәа раан иҭахеит. Урҭ хашҭра рықәӡамкәа ҳгәалашәараҿы иҟазаауеит есқьынгьы.

Иахьагьы шәара – ари Аибашьра ду иалахәыз, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рзы акыр аџьа збаз зегьы – фырхаҵара згым шәҭоурых иааӡоит абиԥара ҿыцқәа, ҿырԥшыга бзианы ирыцуп хәызмаӡам шәгәалашәарақәа. 

Акыр иаҳзаԥсоу аветеранцәа, ишәыдаҳныҳәалоит Аиааира амш!

Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, ахирра!»

 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.