АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Жьҭаара.2023

Ҩ-ҳәынҭқаррак ромбудсменцәа Аԥсни Венесуелеи рыбжьара аилибакааразы Амеморандум рнапы аҵарҩит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсни Венесуелеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинҷыда змоу, аԥшьаша, жьҭаарамза 19 рзы Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аилибакааразы Амеморандум  рнапы аҵарҩит. Анапаҵыҩра, VII Жәларбжьаратәи анаука-практикатә конференциа «Ауаҩы изинқәа рыхьчараҿы иуԥыло апроблемақәа: аомбудсменцәа иреиӷьу рԥышәала аимадара» аихшьаалақәа рыла имҩаԥысит.

Анас Кьышьмариеи Хосе Руис Ангулои рнапы зҵарҩыз аусшәҟәы аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратәи аусеицуратәи аизыҟазаашьақәа рыцҵареи рырӷәӷәареи хымԥадатәиуп ҳәа иазгәаҭоуп.  

Иарбоу аиқәшаҳаҭра аомбудсменцәа Аԥсны еиԥш Венесуелагьы ауаҩы изинқәа рыхьчара аҩаӡара ашьҭыхра иазкны аԥышәеимдареи агәреибагареи рырӷәӷәара иацхраауеит.

- Ашәахьа, 23 Жьҭаара 2023 11:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2026
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.